Апартиа «Лело» алахәылацәа адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа ирҧылеит
Апартиа «Лело» алахәылацәа Қырҭтәыла аус зуа адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа ирҧылеит.
Ишдыруа ала, аиҧылараҿы «Лело» алидерцәа Мамука Хазараӡеи Бадри Џьаҧариӡеи раанкылара иалацәажәеит.
Аиҧылара мҩаҧган апартиа аофис аҿы. «Лело» аҟынтә аиҧылара иалахәын Давиҭ Усуҧашвилии, Ҭазо Даҭунашвилии, Гьаргь Сиориӡеи, Саба Буаӡеи.
Аӡбара «Лело» алидерцәа Мамука Хазараӡеи Бадри Џьаҧариӡеи аа-мза аҭакра рықәнаҵеит апарламенттә аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аҳәара анамгӡаразы. Иара убас, дара ҩышықәса ирылагӡаны аҳәынҭқарратә маҵзураҭыҧқәа раанкылара азин рымам.
Мамука Хазараӡеи Бадри Џьаҧариӡеи рашәара 23 рзы иаанкылан.