Апарламенттә аиҳареи аопозициеи арезолиуциа азеиҧш текст азы еиқәшаҳаҭхеит
Апарламент аҿы аконсультациақәа хыркәшоуп, азеиҧш позициазы ҳаиқәшаҳаҭхеит, Оҭхозориеи Татунашвилии рсиа еиҿаҳкаауеит, уи ианаҳҵоит импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ауаҩытәыҩса изинқәа реилагаразы аҭак зыҧхықәу ахаҿқәа зегьы, – иҳәеит Европатәи Қырҭтәыла алахәыла Серги Капанаӡе.
“Иара убас, ари арезолиуциа ала, импыҵахалоу аҵакырадгьылқҟәа рҿы Урыстәыла ахымҩаҧгашьа ҳақәыӡбоит. Арезолиуциа Урыстәылатәи афедерациа аҭакҧхықәра аднаҵоит, иара убас, абри аҩыза иҧхашьагоу атрагедиатә фактқәа рҽацәыхьчаразы аконкреттә механизмқәа еиҿаҳкаауеит. аконсультациақәа хыркәшоуп. Ҳара апринципи азеиҧш тексти азы ҳаиқәшаҳаҭхеит,” – иҳәеит Серги Капанаӡе.