Апарламентаҿ аоппозициатә депутатцәеи апарламенттә аиҳареи еилалеит  [афото]
Апарламентаҿ аоппозициатә депутатцәеи апарламенттә аиҳареи еилалеит  [афото]

Апарламентаҿ аоппозициатә депутатцәеи апарламенттә аиҳареи еилалеит.

Адепутатцәа аимак рыбжьалеит апартиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе абрифинг анымҩаҧигоз аамҭазы.  «Аҕмашенебели истратегиа» алидер Гьаргь Вашаӡе Иракли Кобахиӡе иахь днеины,  «урыстәылатәи аҧшыхәцәа урыдгылоит» ҳәа иеиҳәеит.

Убри ашьҭахь,  адепутатцәа еилалеит. Азинхьчаҩцәа аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵара рылшеит.

Уажәазы апарламентаҿ ҭынчроуп. Аилатәаратә залаҿ «аминистр исааҭ» аформатаҿ  адепутатцәа рҿаҧхьа дықәгылоит акультура аминистр Ҭеа Ҵулукиани. Аоппозициа апротест ҟарҵан,  игыланы ицеит.