Апарламент офшорқәа ирызку азакәан иадҳәаланы атәыла ахада иҟалҵаз иҵаҵгәырку азгәаҭарақәа ирықәшаҳаҭымхеит
Апарламент офшорқәа ирызку азакәан иадҳәаланы атәыла ахада иҟалҵаз иҵаҵгәырку азгәаҭарақәа ирықәшаҳаҭымхеит

Апленартә аилатәараҿы апарламент  алахәылацәа  «Қырҭтәыла Ашәахтә закәанеидкылахь аҧсахрақәа алагалара иазку» азакәан иадҳәаланы атәыла ахада иҟалҵаз иҵаҵгәырку азгәаҭарақәа ирықәшаҳаҭымхеит.

Атәыла ахада иҟалҵаз иҵаҵгәырку азагәаҭарақәа апарламентаҿ ицәыригеит атәыла ахада лпарламенттә маӡаныҟәгаҩ Гьаргь Мсхилаӡе.

Мсхилаӡе иҳәамҭала, Гьаргь  Мсхилаӡе ишиҳәаз ала, атәыла ахада афшортәи аилахәырақәа азинҷыдақәа рзышьақәыргылара дақәшаҳаҭым. Азакәан инақәыршәаны, афшорқәа рҿы ашәҟәы иҭагалоу аилахәырақәеи афизикатә хаҿқәеи активқәа рҟынтә ироуа ахашәала Қырҭтәыла аҩныҵҟа аилахәырақәа  ироуа ахашәала еиҧшхоит.

Азинҷыдатә режим амч амазаауеит  2028 шықәса ажьырныҳәа 1-нӡа, афшортәи активқәа зауз ақырҭуа аилахәырақәа  2030 шықәсанӡа амал азы ашәахтә ашәара рықәшәом.