Апарламент «Амнистиа иазку» азакәанпроект аднакылеит
Қырҭтәыла апарламент, ахҧатәи аҧхьарала, «Амнистиа иазку» закәанпроект аднакылеит.
Апроект автор — ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы акомитет ахантәаҩы Михаил Сарџьвелаӡе иҳәамҭала, амнистиа рыдкьыслоит еилаӡарала ашьауҕа зқәу фнызқьҩык абаандаҩцәеи 2012шықәса ажьырныҳәа 1нӡа ашьауҕатә ақәҵара ала ахараҧса зқәырҵаз 4 нызқьҩык ауааҧсыреи. Адепутат ишиҳәаз ала, зыӡбазәы ҳәоу азакәан здызкьысло ауаа ргәыҧ дууп.
« Ари закәан рыдкьыслоит абаандаҩтәраҿы иҟоу 1500ҩык иреиҳаны ҳтәылауаа. Иара убас, амнистиа рыдкьыслоит еилаӡарала ашьауҕа зқәу фнызқьҩык абаандаҩцәеи 2012шықәса ажьырныҳәа 1нӡа ашьауҕатә ақәҵара ала ахараҧса зқәырҵаз 4 нызқьҩык ауааҧсыреи », — иҳәеит Сарџьвелаӡе.
Иара ишазгәеиҭаз ала, асистематә ацәгьаурақәа рзы иҭаку ауааҧсыра ари азакәан рыдкьыслом.