Аоппозициатә 3 аидҵарак рхаҭарнакцәа рҳәамҭала, ауснагӡатәқәа рплан цәырыргоит ашәахьазы, Русҭавели имҩаду аҿы
Аоппозициатә 3 аидҵарак рхаҭарнакцәа рҳәамҭала, ауснагӡатәқәа рплан цәырыргоит ашәахьазы, Русҭавели имҩаду аҿы

Аоппозициатә 3 аидҵарак рхаҭарнакцәа реиҧылара хыркәшоуп.

Аиҧылара ашьҭахь акаолициа  «Қырҭтәыла ҕәҕәа» ахаҭарнак Анна Долиӡе ишылҳәаз ала,   ауснагӡатәқәа рплан цәырыргоит ашәахьазы, Русҭавели имҩаду аҿы.

«Ҳхықәкы хада  –  арҭ алхрақәа рҧаршеира азхаҵара азықәҧароуп. Ҳпартниорцәа аус рыцура наҳагӡоит. Ашәахьазы,  асааҭ быжьбазы Русҭавели имҩаду аҿы ҳаиқәшәоит. Атәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы иҟаҳҵараны иҟоу ҳалацәажәоит. Ҳара ҭынч,  закәанла,  ҳҽеидкыланы апротест наҳагӡоит», — илҳәеит  Анна Долиӡе.

Аиҧылара рхы аладырхәит аоппозициатә 3 еидҵарак: «Аиҭакразы акаолициеи», «Қырҭтәыла ҕәҕәеи»  «Амилаҭтә ҵысреи» рхаҭарнакцәа. Гахариа ипартиа ахаҭарнакцәа аиҧыларашҟа имнеит.