«Аоппозициаа ралианс» Қарҭ апротесттә ныҟәара  мҩаҧнагоит 
«Аоппозициаа ралианс» Қарҭ апротесттә ныҟәара мҩаҧнагоит 

«Аоппозициаа ралианс» Қарҭ апротесттә ныҟәара мҩаҧнагоит.

Аныҟәара алахәылацәа Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҟынтә Ахақәиҭра ашҭашҟа идәықәлеит.

Аныҟәара иалагаанӡа алианс алидерцәа иреиу Ника Гварамиа ишиҳәаз ала,  ауаа рырацәара аҵакы ду амоуп.

«Ҳара еиҭах ҳаибабароуп. Атәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы ҳарбароуп. Ари акциа аполитикцәа еиҿыркааит,  аха,  аӡбарақәа зегьы ҳаиқәшаҳаҭны иҳадаҳкылароуп.

Иахьатәи амш сеигәырҕьоит. Ҳҭоурыхаҿ лаҵара  26 еиҧшу амшқәа маҷуп. Уи идуӡӡоу мшуп,  Қырҭтәыла ахьыҧшымра иҵегьы акыраамҭа инагӡахап ҳәа сгәыҕуеит. Аха,  уи азыҳәан еиҧҟарада аусуреи еиҧҟьарада ахақәиҭра азықәҧареи аҭахуп», — иҳәеит  Ника Гварамиа.