Аоппозициа апротесттә акциақәа ирыдҳәаланы рпланқәа рыҧсахит
Аоппозициа апротесттә акциақәа ирыдҳәаланы рпланқәа рыҧсахит

«Аҕмашенебели истратегиа»  алахәыла Паата Манџьҕалаӡе  ишиҳәаз ала, зымҩаҧгара  ргәы иҭаз акциақәа ахырҧоуп.

«Атәыла анапхгара аиҿцәажәарақәа раҧыхразы аҿыҵга рмоурц  азыҳәан, аоппозициа ахаҭарнакцәа,  аиҿцәажәарақәа рхыркәшаранӡа акциақәа рымҩаҧгара иаҟәыҵырц рыӡбеит. Аиҿцәажәарақәа хыркәшахоит хәажәкыра  16 рзы», — иҳәеит Манџьҕалаӡе.