Аоппозициаа апарламент аҧхьа игылаз асценатә конструкциақәа иқәыргеит
Русҭавели имҩадуаҿ, акциа ахьымҩаҧысуаз апарламент ахыбра аҧхьа, аоппозициа ахаҭарнакцәа асценатә конструкциақәа иқәыргеит.
Аоппозициатә партиақәеи амитинг алахәылацәеи ишырҳәаз ала, дара жьҭаара 26 рзы имҩаҧгаз алхрақәа рылҵшәақәа иазхарҵом, 11-тәи ааҧхьара апарламент закәаным ҳәа ирыҧхьаӡоит.
Амитинг алахәылацәа иаха апарламент аҧхьа еизан, уаҟа идыршеит.