Аолимпиада Токио-2020 хыркәшоуп  - Қырҭтәыла аизга, 8 медальк рыла,  аҭоурыхтә алҵшәа аиуит
Аолимпиада Токио-2020 хыркәшоуп  - Қырҭтәыла аизга, 8 медальк рыла,  аҭоурыхтә алҵшәа аиуит

Иахьа Токио аҧхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа хыркәшан. Қырҭтәыла аизга арҭ ахәмаррақәа зегьы зеиҧшҟамлац ақәҿиара аман, ақырҭуа спортсменцәа, атәыла ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара инаркны иахьанӡа зеиҧшҟамлац ирацәаны амедальқәа ргеит.

Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы Қырҭтәыла ахьӡала иқәгылон 35ҩык аспортсменцәа  (ахьтәы 2 медаки, араӡнытә 5 медальки, аџьазтә медальки).

Токио имҩаҧысуаз ахәмаррақәа рҿы атриумфтә қәҿиара иман апланетаҿы  «зегьы раасҭа иҕәҕәоу» ауаҩҧсы, ақырҭуа штангист Лаша Талахаӡе. Иара икариераҿы аҩбатәи Аолимпиатә медаль игеит. Токиотәи аолимпиадаҿы Лаша Талахаӡе ихатә адунеитә рекордқәа еиҕьтәны, адунеитә 3 рекорд ҿыцк шьақәиргылеит.

Токио-2020 алҵшәақәа рыла, Қырҭтәыла аизга  33-тәи аҭыҧ ааннакылеит, уи Ҭырқәтәыла, Индиа, Украина, Испаниа, Аргентина уҳәа атәыла дуқәа ирҧысит.