Аофициалтә дыррақәа рыла, Қырҭтәыла алаҵақәа ҟарҵахьеит 1 285 742-ҩык, цәыббра 3 рзы алаҵа рзыҟаҵан 25 670-ҩык
Цәыббра 3 рзы иҟоу аофициалтә дыррақәа рыла, Қырҭтәыла алаҵақәа ҟарҵахьеит 1 285 742-ҩык ауааҧсыра, – ари атәы аарыцҳаит Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр аҟынтә.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла алаҵа рзыҟаҵан 25 670-ҩык. Қырҭтәыла дозак рзыҟаҵоуп 831 256-ҩык, аҩ дозак рзыҟаҵоуп 454 486-ҩык.
Иасыз уахи-ҽни рыла Қырҭтәыла акоронавирус 2 684 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 2 695 -ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит, иԥсит 83-ҩык.