Антон Герашьенко - Украина Урыстәыла аҿцәажәара анакәшаҳаҭха ашьҭахь, Беларусынтә Украина ахырхарҭала "Искандер" атип змоу аракетақәа рышьҭит
Украина Урыстәыла аҿцәажәара анакәшаҳаҭха ашьҭахь, Беларусынтә Украина ахырхарҭала “Искандер” атип змоу аракетақәа рышьҭит,- ааицҳаит Украина Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ибжьагаҩ Антон Герашьенко.
” Беларусынтә, Мозир ааигәантә Украина ахырхарҭала “Искандер” атип змоу аракетақәа рышьҭит. Ари иаанаго акоуп – џьара аԥсыҭбарақәа иҟоуп… Ахымца аанкылеит ҳәа шәыҟоума?” -иҩит Герашьенко асоциалтә каҭаҿы.
Украина Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ибжьагаҩ аракетақәа рвидеонҵамҭа алаирҵәеит.