Иаса Қьырса  Иирамш инамаданы Қарҭ Алило мҩаԥысит – афотоажәабжь
Иаса Қьырса Иирамш инамаданы Қарҭ Алило мҩаԥысит – афотоажәабжь

Анцәа иирамш инамаданы Қарҭ Алило мҩаԥысит. Апандемиа амзызла Алило сынтәа еиԥшым аформатла мҩаԥган.

Адоуҳаныҟәгаҩцәа  Ареспублика ашҭаҿ еизан, аҳҭнықалақь еиуеиԥшым ахәҭақәа рахь амашьынақәа рыла идәықәлеит.

Иара убас, Ареспублика ашҭаҿ ақьала ҷыда дыргылеит, атәылауаа хылаԥшрада иаанхаз ахәыҷқәеи зықәрахь инеихьоу ауааԥсыреи, абаандаҩцәеи ари ақьалахь афатәи ахамҭақәеи рызнаргарц ирылшоит.