Анна Фотыга – Ҳара Украина ҳадгылоит, уи аарҧшразы иреиҕьу хархәагоуп Украинеи Қырҭтәылеи НАТО алаларазы Ауснагӡатәқәа рплан ранашьара
Анна Фотыга – Ҳара Украина ҳадгылоит, уи аарҧшразы иреиҕьу хархәагоуп Украинеи Қырҭтәылеи НАТО алаларазы Ауснагӡатәқәа рплан ранашьара

«Ҳара Украина ҳадгылоит, уи аарҧшразы иреиҕьу хархәагоуп «Аҩадатәи апоток -2» аанкылареи  Украинеи Қырҭтәылеи НАТО алаларазы Ауснагӡатәқәа рплан ранашьареи», — илҳәеит Польшатәи адепутат Анна Фотыга Европарламент аилатәараҿы Урыстәыла агрессиатә хымҩаҧгашьа ианалацәажәоз.

«Урыстәыла агрессиатә политиказы иреиҕьу аҭакуп ҳара ҳаиқәшаҳаҭны иҳадаҳкылаз арезолиуциа,  ҳара Урыстәылахь ааҧхьара ҟаҳҵеит жәларбжьаратәи аиҿкаареи агәылара иҟоу аҳәынҭқаррақәа рхьыҧшымреи рҵакырадгьылтә акзаареи пату ақәырҵарц.  Ҳара Украина ҳадгылоит, уи аарҧшразы иреиҕьу хархәагоуп зыҧшра ҟамҵакәа аурыс агазмҩангага  «Аҩадатәи апоток-2» аанкылареи  Украинеи Қырҭтәылеи НАТО алаларазы Ауснагӡатәқәа рплан ранашьареи», — илҳәеит Европарламент адепутат  Анна Фотыига.