«Европатәи аҿиара иашеи ҳмилаҭ ашәҭыкакаҷреи аиқәыршәаразы аказиноқәа ҳарҿагыланы ақәҧара наҳагӡоит», — илҳәеит акаолициа «Қырҭтәыла ҕәҕәа» алидерцәа иреиу Анна Долиӡе аказиноқәа ирызкыз иахьатәи абрифинг аҿы.
Лара лажәақәа рыла, 50 миллиард еиҳаны аҧареикәшара аныҟоу, аказиноқәеи ахәмарратә клубқәеи рҟынтә Қырҭтәыла абиуџьет иалало аҧара маҷӡоуп.
«Лассы-лассы иҳазҵаауеит 1000 лари аҟынӡа атәанчахә аизырҳареи, ашколқәа рҿы ахәыҷқәа хәыда-ҧсада акрырҿаҵареи, аҿар рзы ҳаамҭазтәи азеиҧшнхарҭақәа рыргылареи злашәылшои ҳәа. Аказиноқәа иаҳа идуу ашәахтә рықәҵара ала. Иахьа Қырҭтәыла 50 миллиард еиҳаны аҧареикәшара аныҟоу, аказиноқәеи ахәмарратә клубқәеи рҟынтә Қырҭтәыла абиуџьет иалало аҧара маҷӡоуп. Ҳара аказиноқәа рзы ашәахтә 15% аҟынтә 25% аҟынӡа аизырҳара ҳгәы иҭоуп. Уи абзоурала, 2025 шықәсазы Қырҭтәыла абиуџьет, капеиқәак рцынхәрас, миллиард лари аиуеит. Ари аҧарала зда ҧсыхәа иҟам апрограммақәа мҩаҧаагоит», — илҳәеит Анна Долиӡе.