Иракли Ӷарибашвили - Ахәмарратә бизнес азы ашәахтәқәа ацҵара аӡбара ҳадаҳкылеит
Иракли Ӷарибашвили - Ахәмарратә бизнес азы ашәахтәқәа ацҵара аӡбара ҳадаҳкылеит

Ахәмарратә бизнес афеида ахашәала ишьақәгылоу 10% ацынхәрас, 15% иаҟарахоит, ахәмарратә бизнес аҟынтә аԥара аиуразы ахашәала 2% ацынхәрас, 5% иаҟарахоит,  – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иахьа имҩаԥысыз аиҳабыра реилатәара аҿы.

Иракли Ӷарибашвили иажәақәа рыла, арҭ аԥсахрақәа ирыбзоураны абиуџьет иацҵаны 400 миллион лари аиуеит.

„2022 шықәсазы 48 милиард рҟынтә 52 миллиард лари рҟынҿа иазҳаит ахәмарратә бизнес аикәыршара, ари акатастрофатә рбагоуп.

Ҵыԥх аҵак ду змаз аԥсахрақәа мҩаԥган, урҭ рыла 25 шықәса зхымҵыц ауааҧсыреи, ахәмарра азин змам рсиа иалагалоу ахаҿқәеи, урҭ рыбжьара социалла ихьчам ауааҧсыреи, аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәеи онлаин алахаларатә хәмаррақәа рылахәызаара азин рымам, иара убас ахәмаррақәа рӡыргара ақәиҭымтәра иӡбан. Ахәмарра зин рымхын 500 000-ҩык ауааԥсыра. Уажәы иҳадаҳкылаз  аԥсахрақәа ирыбзоураны абиуџьет иацҵаны 400 миллион лари аиуеит”, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр.