Анџьеи Дуда  - Украина НАТО иалаларц азыҳәан, ҳара ари атәылазы амҩа иаша ҳәаақәаҳҵароуп  
Анџьеи Дуда  - Украина НАТО иалаларц азыҳәан, ҳара ари атәылазы амҩа иаша ҳәаақәаҳҵароуп  

«Аполиакцәа зегьы, аполиак уаажәларра зегьы ибзианы еилыркаауеит ҳхыхьчаразы, ҳарратә алшарақәа рырҕәҕәаразы иаҳа ирацәаны аҧара ишныхтәу», — иҳәеит   Польша ахада  Анџьеи Дуда Вильниус асаммит иалагаанӡа.

Анџьеи Дуда ишазгәеиҭаз ала, Польша Урыстәыла иажәылаз Украина агәылара ишьҭоуп.

«Уи иаанаго аадыруеит. Ҳара миллионҩыла украинатәи ахҵәацәа ҳамоуп. Аполиакцәа зегьы, аполиак уаажәларра зегьы ибзианы еилыркаауеит ҳхыхьчаразы, ҳарратә алшарақәа рырҕәҕәаразы иаҳа ирацәаны аҧара ишныхтәу. Иахьазы уи аҵакы ду амоуп, убри аҟынтә, иашьашәалоу аӡбара ҳадаҳкылеит. Сара акоуп исҳәар исҭаху.   Украина НАТО иалаларц азыҳәан, ҳара ари атәылазы амҩа иаша ҳәаақәаҳҵароуп», — иҳәеит  Анџьеи Дуда.