Анџьеи Дуда адунеитә лидерцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит  Урыстәыла аҿагыларазы еидгыларц
Анџьеи Дуда адунеитә лидерцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит  Урыстәыла аҿагыларазы еидгыларц

Польша ахада Анџьеи Дуда ЕАР аҿы адунеитә лидерцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит  Урыстәыла аҿагыларазы еидгыларц.

«Иахьа ҳара жәларбжьаратәи зин ахадаратә принципқәа рыхьчаразы ҳаидымгылар, уаҵәы икьасахар ауеит», — иҳәеит  Дуда ЕАР Ашәарҭадара ахеилак аилатәараҿы.

Дуда иажәақәа рыла, Урыстәыла Украина ианажәыла ашьҭахь иҟалаз  астратегиатә аиҭакрақәа аамҭалатәиқәам.

«Ҳара аилкаамзаара аепоха ҿыц ҳҭагылоуп», — иҳәеит Польша ахада.

Уаанӡа, Украина ахада Владимир Зеленски ЕАР Ашәарҭадара ахеилак ахь ааҧхьара ҟаиҵеит Урыстәыла вето азин амырхырц.