Андреи Сибига апункт "Дариал" иҟаз Украина атәылауаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәра аус аҿы ацхырааразы Қырҭтәыла анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәоит
Андреи Сибига апункт "Дариал" иҟаз Украина атәылауаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәра аус аҿы ацхырааразы Қырҭтәыла анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәоит

Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистр Андреи Сибига апункт “Дариал” иҟаз Украина атәылауаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәра аус аҿы ацхырааразы Қырҭтәыла анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәоит.

Сибига иажәақәа рыла, Қырҭтәылеи Молдавиеи Украина ацхыраара рзаадырԥшит атранзиттә маршрут аиҿкаареи аматериалтә-техникатә зҵаарақәа рыӡбареи рҿы.

Аминистр иажәақәа рыла, нанҳәа 21-22 рзы ихынҳәыз агәыԥ Қырҭтәылантә Украинашҟа Молдавиа иавсны ааит.

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациала, Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Украинатәи агани рыбжьара имҩа пгаз ганрацәалатәи аиҿцәажәарақәа ирылҵшәаны, “Дариалтәи” аҳәаатә пункт анеитралтә ҭыԥ аҿы иҟаз 65-ҩык Украина атәылауаа ачартертә реисла ахԥатәи атәылахь ииасны, рыԥсадгьыл ашҟа ихынҳәит. “Дариалтәи” аҳәаатә пункт  анеитратә ҭыԥ аҿы иҟан Урыстәылантә иааиз 87-ҩык Украина атәылауаа. Аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә аинтересқәа рҟынтә урҭ аҳәаа ахысра алшара рыҭамызт – рыззегьы акриминалтә шьаҭа рымоуп. Украина иашьашәалоу аусҳәарҭақәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит “Дариал” иҟоу аҳәаатә пункт анеитратә ҭыԥ аҿы иҟоу ртәылауаа Украинахь рырхынҳәразы ирылшо зегь ҟарҵарц. Қырҭтәыла АҩАР украинатәи аган “Дариал” иҟоу аҳәатә пункт анеитратә ҭыԥ аҿы иҟоу ртәылауаа Украинахь рырхынҳәраҿ ирыцхраарц, рырхынҳәразы иаҭаху аԥара ршәарц иазыхиоуп.