Андерс Фог Расмуссен – Ҳара Қырҭтәылеи Украинеи ажәа раҳҭеит НАТО аишәаҿ аҭыҧ шрымазаауа, ҳажәа анагӡара иаамҭоуп
НАТО ҧасатәи амаӡаныҟәгаҩ хада Андерс Фог Расмуссен Алианс алахәылацәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит 2008 шықәсазы Бухарест имҩҧагаз асаммит аҿы Қырҭтәылеи Украинеи ирырҭаз ажәа анагӡаразы ауснагӡатәқәа рплан аиқәыршәара иалагарц, — ари атәы иануп аҭыжьымҭа Politico аҿы икьыҧхьу Расмуссен ишәҟәы аҟны.
Ҳара Қырҭтәылеи Украинеи ажәа раҳҭеит НАТО аишәаҿ аҭыҧ шрымазаауа, ҳажәа анагӡара иаамҭоуп. Иаҭаххар, ҳара НАТО аҧҟаҧҵәа 5-тәи ахәҭаҷ ҳхы иаҳархәар ҳалшоит, уи инақәыршәаны, НАТО аларҵәара амазаауеит Қарҭи Киеви изхылаҧшуа аҵакырадгьыл мацараҿ. Аха, ак еилкаауп: НАТО «иаарту ашә» аполитика амҩаҧгара залшом Путин ашә дылагылазар», — иҳәеит НАТО ҧасатәи амаӡаныҟәгаҩ хада.