Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иаҵанакуа Қырҭтәыла ацентртә криминалтә полициеи, Апатрультә полициеи, Қарҭтәи, Аҷаратәи, Кахеҭтәи аҟәшақәа русуҩцәа имаԥыргаз аоперативтә уснагӡатқәа раан анаркотикқәа ирыдҳәалоу ацәгьоурақәа рзы 14-ҩык ааныркылеит, урҭ иреиуп 10-ҩык анаркореализаторцәа, – аарыцҳаит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.
Аусҳәарҭа аинформациа ала, иаанкылоу ацәгьоуцәа иреиуп Қырҭтәылеи атәым тәылақәа ртәылауаа.