Қырҭтәыла АҩАР Қарҭәи аполициа адепартамент Аҟәша хада адетективцәеи, Дидубе-Чуӷуреҭии Глдани-Наӡаладеви рыҟәша хадақәа русуҩцәеи еицымҩаԥыргаз аоперативтә уснагӡатәқәа раан, анаркоацәгьуоразы быжьҩык ааныркылеит.
АҩАР аинформациа ала, ари ацәгьоуразы иазыԥхьагәаҭоуп 20 шықәсанӡа аҭакра.
Азакәанхьчаҩцәа имҩаԥыргаз анхарҭақәа реимдараан рыԥшааит ахәаахәҭразы имазеины иҟаз: «бупренорфин», «героин», «альфа-ПВП», «аныцә».
«Аусԥшаара хацыркуп: 260-тәи, 273-тәи прима, 19-260-тәи терциа, 18-260-тәи терциа, 265-тәи ахәҭаҷқәа рыла», — иануп АҩАР аланарҵәаз аҳәамҭаҿы.