Анаклиатәи абаҕәаза аргылара иадҳәаланы Маиа Цқьитишвили лҟны аиҧылара мҩаҧысит
Анаклиатәи абаҕәаза аргылара иадҳәаланы Маиа Цқьитишвили лҟны аиҧылара мҩаҧысит. Қырҭтәыла авице-аҧыза, арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рминистр Маиа Цқьитишвили „Анаклиа аҿиара акорпорациеи“ „Аиҭашьақәыргылареи аҿиареи европатәи абанки“ (EBRD) рхаҭарнакцәа дырҧылеит.
Аиҧылара рхы аладырхәит „Анаклиа аҿиара аконсорциум“ ашьаҭакҩы Мамука Хазараӡеи, иара убас, Бадри Џьаҧариӡеи.
Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рминситрра аинформациа инақәыршәаны, аганқәа рхаҭарнакцәа Анаклиатәи иҵаулоу абаҕәаза апроект иадҳәалоу апроблематә зҵаарақәа ирылацәажәан, аиҿцәажәарақәа анеҩстәи аетап азы еиқәшаҳаҭхеит.
Аиҧылараҿы ишырыӡбаз ала, анеҩстәи аиҧылара лаҵара анҵәамҭазы имҩаҧысуеит.