Маиа Цқьитишвили  -  Зегьы рзы иуадаҩыз   2020 шықәсазы изакәызаалак асистематә проектк  аанкыламызт
Маиа Цқьитишвили  -  Зегьы рзы иуадаҩыз   2020 шықәсазы изакәызаалак асистематә проектк  аанкыламызт

«Иахьа сара аргама аасыцҳар сылшоит аминистрра аусура алҵшәақәа лабҿаба ишубарҭоу. Ҳара, апандемиа аангьы,  зҵакы дуу апроектқәа рынагӡара ҳалшеит.  2020 шықәсазы  6000 апроектқәа мҩаҧаагон, урҭ рҟны аус руан  31 000ҩык ауааҧсыреи  1300 еилахәырақәеи», — илҳәеит актәи авице-аҧыза, арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр Маиа Цқьитишвили   «аминистрцәа рсааҭ» аҳәақәа ирҭагӡаны апарламент аҿы данықәгылоз.

Лара лажәақәа рыла,   зегьы рзы иуадаҩыз   2020 шықәсазы изакәызаалак асистематә проектк  аанкыламызт, уи адагьы,  2021 шықәсазы аминистрра иаҳа ирацәаны аҧара азоушьҭразы аресурсқәа иҧшаан.