«Амҩатә музыкантцәа рфестиваль» хҩык алахәылацәа  Қарҭтәи аконсерваториаҿы агитара арҳәаразы акурс ҷыда иахысуеит

Аҵареи аҵарадырреи акультуреи аспорти рзы аминистрра ацхыраара ала, амузыкатә проект  «Амҩатә музыкантцәа рфестиваль» онлаин аформат аҿы имҩаҧысит.

Ауаажәларратә телехәаҧшра Ашықәс Ҿыцтәи аефир аҿы ахәаҧшцәа ирбаз аконцерт иалахәын амҩатә музыкантцәеи еицырдыруа анагӡаҩцәеи.

Аҵареи аҵарадырреи акультуреи аспорти рзы аминистр Михаил Чхенкели афестиваль алахәылацәа аминистрра аинициатива ҿыц рыдигалеит.  Иара иажәақәа рыла, афестиваль хҩык алахәылацәа  Қарҭтәи аконсерваториаҿы агитара арҳәаразы ҩымзтәи акурс ҷыда иахысыр рылшоит.

Апроект автор, акомпозитор Давиҭ Евгениӡе амҩатә музыкантцәа алихын, дара русумҭақәа цәыригеит Ауаажәларратә телехәаҧшра апрограмма  «12ҩык амузыка ацҳаражәҳәаҩцәа» аҿы. Афестиваль амҩаҧгара иацхрааит Аҵареи аҵарадырреи акультуреи аспорти рзы аминистрреи, Қарҭ ахадареи, Ауаажәларратә телехәаҧшреи.