Амш ацәгьахара амшала, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амаҵзура ауааҧсыра рахь  ааҧхьара ҟанаҵоит ргәы рҽанызарц
Амш ацәгьахара амшала, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амаҵзура ауааҧсыра рахь  ааҧхьара ҟанаҵоит ргәы рҽанызарц

Амш ацәгьахара амшала, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амаҵзура ауааҧсыра рахь  ааҧхьара ҟанаҵоит ргәы рҽанызарц.

Ари атәы иануп Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амаҵзура иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы.

«Қырҭтәыла еиуеиҧшым арегионқәа рҿы аҧша ҕәҕәеи,  ақәоуреи,  ашторми рымшала, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амаҵзура аиқәырхаҩцәеи абылрацәыхьчаҩцәеи,  Апатрультә полициа адепартамент аусзуҩцәеи,  аҭыҧантәи амуниципалитетқәа рхаҭарнакцәеи,  ркомпетенциақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны,  аусурақәа мҩаҧыргоит. Ауааҧсыра зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит ргәы рҽанызарц,  ҷыдала,  аҟәара иаҧну арегионқәа ирықәынхо ауааҧсыра ҳрыҳәоит  амшцәеи ашторми амшала  аҟәара ааигәара имнеирц», — иануп аҳәамҭаҿы.