Ампыҵахалатә мчқәа закәандарала иааныркылаз фҩык Қырҭтәыла атәылауаа рхы иақәиҭуп
Ампыҵахалатә мчқәа Гори амуниципалитет Меџьврисхева ақыҭа иазааигәаны закәандарала иааныркылаз фҩык Қырҭтәыла атәылауаа рхы иақәиҭуп, дара Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ иҟоуп, – ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура.
„Закәандарала ауаа раанкылара иазкны адырра анҳауҵәҟьа, зыҧшра ҟамҵакәа, „ацәаҳәа ҷыда“ аус аҳаруит, ацентртә напхгара рнапаҿы иҟоу амеханизмқәа зегьы ҳхы иаҳархәит. Женеватәи жәларбжьартәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәеи жәларбжьаратәи ҳпартниорцәеи ари аинформациа роуит. Зыӡбахә ҳәоу апроцесс иалахәын Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла Анаҧшратә Миссиа (EUMM)“, – иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳәамҭаҿы.