Амиран Гамҟрелиӡе - Атәылаҿ иҟоу агрипп аҽацәыхьчаратә вакцинала алаҵа аҟаҵара Қырҭтәыла атәылауаа зегьы хәыда-ԥсада рылшоит
Амиран Гамҟрелиӡе - Атәылаҿ иҟоу агрипп аҽацәыхьчаратә вакцинала алаҵа аҟаҵара Қырҭтәыла атәылауаа зегьы хәыда-ԥсада рылшоит

Атәылаҿ иҟоу агрипп аҽацәыхьчаратә вакцинала алаҵа аҟаҵара Қырҭтәыла атәылауаа зегьы хәыда-ԥсада рылшоит, – иҳәеит Ачымазарақәқа рхылаԥшра амилаҭтә центр адиректор Амиран Гамҟрелиӡе.

Гамҟрелиӡе иажәақәа рыла, атәылаҿ аагоуп ԥшькомпонентк рыла ишьақәгылоу 200 000 доза франциатәи агрипп аҽацәыхьчаратә алаҵа.

“Раԥхьаӡа иргыланы алаҵа рзыҟаҵоан ариск гәыԥ иалоу атәылауаа, зықәра инеихьоу ауааԥсыра, иара убас амедицинатә сфераҿ аус зуа атәылауаа. Уажәы асиа арҭбаара ҳалагеит. Атәылаҿ агрипп авирус аларҵәара амам, есмчыбжь амниторинг мҩаԥаагоит. Алаҵа ҟаҵатәуп ԥхынҷкәын 15-нӡа. Иахьазы агрипп аҽацәыхьчаратә алаҵа рзыҟаҵоуп 90000-ҩык рҟынӡа,” – иҳәеит Гамҟрелиӡе.