Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак аппарат анапхгаҩыс дҟаҵоуп  Леван Ҕирсиашвили
Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак аппарат анапхгаҩыс дҟаҵоуп  Леван Ҕирсиашвили

Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр  Вахтанг Гомелаури аппарат аусзуҩцәа дрыдигалеит анапхгаҩы ҿыц  Леван Ҕирсиашвили.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ишану ала, аиҧылара алахәылацәа Қырҭтәыла имҩаҧысуа апроцессқәеи ҳаҧхьаҟа иҟаҵатәу ашьаҿақәеи ирылацәажәеит.

Леван Ҕирсиашвили  Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак аппарат анапхгаҩыс дҟаҵоуп Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе иӡбарала.

2022 шықәса нанҳәа инаркны  Леван Ҕирсиашвили Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы ибжьагаҩс дыҟан.  2019-2022  шықәсқәа рзы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҭагылазаашьа ҷыдарақәа рзы амаҵзура аиҳабы актәи ихаҭыҧуаҩс дыҟан.  2018 – 2019 шықәсқәа рзы  Леван Ҕирсиашвили  Британиа Ду иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа абжьагаҩс аус иуан.  2015 – 2017 шықәсқәа рзы  —  Аҳәынҭқарратә шәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩс дыҟан.