Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа рынагӡара Гьаргь Гахариа идырҵеит
Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа рынагӡара Гьаргь Гахариа идырҵеит

Аҧыза-министр инапхгарала, Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак актәи аилатәара мҩаҧысраны иҟоуп.

Аиҳабыра радминистрациа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа рынагӡара Гьаргь Гахариа идырҵеит.

„Қырҭтәыла Аҧыза-министр Мамука Бахтаӡе инапхгарала, уацәы, лаҵара 1 азы, асааҭ  12:00 рзы, Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак актәи аилатәара мҩаҧысуеит.  Аиҳабыра рнапхгаҩы идҵа ала, Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа наигӡоит авице-аҧыза, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гьаргь Гахариа.  Аҧыза министр адҵа ҟаиҵеит   „Амилаҭтә шәарҭадара аполитика апланшьҭыхреи акоординациеи аҧҟара иазку“ Қырҭтәыла азакәан инақәыршәаны.

Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак дахагылоуп Аҧыза-министр Мамука Бахтаӡе, ахеилак еиҿкаауп ааҩык алахәылацәа рыла.

Ахеилак еснагьтәи алахәылацәа роуп аҩнуҵҟатәи аусқәеи, адәныҟатәи аусқәеи, афинансқәеи рминистрцәеи, аҳәынҭқарратә шәарҭадареи аҧшыхәареи рмаҵзурақәа рнапхгаҩцәеи, атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩи.