Амилаҭтә банк - Урыстәылантә Қырҭтәылаҟа аԥаратә аиагарақәа рхыԥхьаӡара маҷхоит, Евроеидгылеи ЕАШ рҟынтә - рацәахоит
2025 шықәса нанҳәазы атәылашҟа аҧаратә аиагарақәа рҭаӡара, ҵыԥхтәи иашьашәалоу аамҭа аасҭа 10,7% рыла иазҳан, 321,5 миллион адоллар иаҟарахеит, Қырҭтәылантә аҧаратә аиагарақәа рҭаӡара, ҵыԥхтәи иашьашәалоу аамҭа аасҭа 7,8% рыла иазҳан, 35,7 миллион адоллар иаҟарахеит, – иануп Амилаҭтә банк аланарҵәаз аҳасабырба аҿы.
«Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аҟынтә ишаарыцҳаз, Урыстәылантә Қырҭтәылаҟа аԥаратә аиагарақәа рхыԥхьаӡара маҷхоит- 0,4%, Евроеидгылеи (11,7%) ЕАШ (16,8%) рҟынтә – рацәахоит. Европатәи атәылақәа рҟынтә зегьы реиҳа ирацәаны аҧаратә аиагарақәа ҟаҵан Италиеи (16,6%), Германтәылеи (9,1%), Бырзентәылеи (7,8%) рҟынтә», — иануп Амилаҭтә банк аланарҵәаз аҳасабырба аҿы.