Амилаҭтә гвардиа асолдаҭцәа Ҭырқәтәыла имҩаҧысуаз х-ганктәи арратә азыҟаҵарақәа рхы рыладырхәит

12:49, 28.12.2023

 

Анкара имҩаҧган  аҧсабаратә рыцҳарақәа раан аҧшаара-аиқәырхаратә усурақәа рзы х-ганктәи азыҟаҵарақәа,  урҭ ирылахәын Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи Азербаиџьани рыруаа.

Х-ганктәи азыҟаҵарақәа хықәкыс ирыман аҧсабаратә рыцҳрақәа раан Қырҭтәылеи, Ҭырқәтәылеи,  Азербаиџьани, рҟынтә аҧшаара-аиқәырхаратә гәыҧқәа рыбжьара  аусеицуреи,  акоординациеи,  аоперативтә аишьашәалазаареи арҕәҕәара.

Азыҟаҵарақәа мҩаҧган аротациа апринципла. Ҳаҧхьаҟа арҭ азыҟаҵарақәа Азербаиџьан имҩаҧысуеит, анеҩс – Қырҭтәыла.

 

Еиԥшу