Амиграциа азҵаарақәа рзы амаҵзура аусзуҩцәа 31-ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәылантә адепортациа рзыруит
Амиграциа азҵаарақәа рзы амаҵзура аусзуҩцәа 31-ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәылантә адепортациа рзыруит

«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Амиграциа азҵаарақәа рзы амаҵзура аусзуҩцәа 31-ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәылантә адепортациа рзыруит», – аарыцҳаит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтәи.

Қырҭтәылантә адепортациа рызун абарҭ аҳәынҭқаррақәа ртәылауаа: Џьамтәыла, Индиа, Ҭырқәтәыла, Туркменистан, Китаи, Мысра,Бурунди, Казахстан, Иорданиа, Азербаиџьан, Бангладеш,Пакистан, Ирак –  зынӡа 31-ҩык.

Аминистрра адыррақәа рыла, атәымтәылауаа рыхәҭак рхатә гәаҧхарала атәыла иалҵит, егьырҭ мчыла  адепортациа рызун. Азакәан инақәыршәаны, арҭ ауаа атәыла алалара азин рымам.