Амиграциа адепартамент аусзуҩцәа 21-ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәыла иалырцеит
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Амиграциа адепартаменти аминистрра иашьашәалоу аҟәшақәеи аҵыхәтәантәи амшқәа рзы еицымҩаҧыргаз акомплекстә усмҩаҧгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, 21-ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәыла иалырцеит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, атәыла иалырцеит: Индиа, Китаи, Ирак, Мысра, Бангладеш, Пакистан ртәылауаа, зынӡа 21-ҩык.
Қырҭтәыла АҩАР адыррақәа рыла, азакәан инақәыршәаны, арҭ ауаа атәыла алалара азин рымам.