Аметеорологиатә ҭагылазаашьа цәгьа иахҟьаны, агәаҭара-аужьратә пункт "Ҟазбеги" аамҭала аусура аҟәыҵуеит
Аметеорологиатә ҭагылазаашьа цәгьа иахҟьаны, агәаҭара-аужьратә пункт "Ҟазбеги" аамҭала аусура аҟәыҵуеит

Афинансқәа рминистрра иаҵанакуа аҳазалхратә маҵзура аинформациа ала, Дариалтәи аҩхааҿ иҟоу аметеорологиатә ҭагылазаашьа цәгьа иахҟьаны, агәаҭара-аужьратә пункт “Ҟазбеги” аамҭала аусура аҟәыҵуеит.

“Аҳауатә лышәшәақәа ирыхҟьаны ихыҵыз аӡиасқәа (“Тереки” “Девдоракии”) Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаа иаԥну (Дариал-Ларстәи амҩа 165-тәи км), Қырҭтәылеи Урыстәылеи еимыздо жәларбжьаратәи аҵакы змоу амҩа ахҵәаха.

Қырҭтәыла аҳазалхратә ҳәааҿ аидара аиагареи  хазхаҭалатәи ахаҿқәа рыла аҳәаа ахысреи рпроцедурақәа аамҭала аанкылоуп.

Агәаҭара-аужьратә пункт “Ҟазбеги” аусуҩцәа ишәарҭам аҭыԥқәа рахь ииагоуп.