Америка ицәырнагеит иаанкылоу атәымуаа рсиа - «Зегьы иреицәоу», асиа иануп 85ҩык арумынцәеи, 27ҩык аукраинцәеи, 22ҩык ашәамахьцәеи, ҩыџьа ақырҭуааи
Америка Аҩныҵҟатәи шәарҭадара аминистрра ицәырнагеит еиуеиҧшым ацәгьаурақәа рзы иаанкылоу атәымуаа рсиа – «Зегьы иреицәоу». Асиа иануп амарихуана аҭиреи анаркотикқәа рыҵәахреи азы иаанкылоу ҩыџьа ақырҭуаагьы.
Иара убас, асиа иануп 85ҩык арумынцәеи, 27ҩык аукраинцәеи, 22ҩык ашәамахьцәеи.
Убри адагьы. иаанкылоу ауаа реиқәыҧхьаӡа илоуп Франциеи, Польшеи, Португалиеи, Испаниеи, Германтәылеи Бырзентәылеи ртәылауаагьы.