Америка Ирак иаахеит
Америка Ирак иаахеит

Америка, ахыхьчара амзызла,  Ирак иаахеит.

Ирактәи аполициа адыррақәа рыла, Баҕдад аладатәи ахәҭаҿы иҟоу абаза ажәылара амшала,  «Жәлартә мобилизациа ирактәи мчқәа» ҧшьҩык алахәылацәа ҭахеит,  даҽа ҧшьҩык ахәрақәа роуит.

Reuters адыррақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу агәыҧ иалоуп Иран иадҳәалоу аибашьцәа.

Америка анапхгара рҳәамҭала, Америка ирактәи апровинциа Бабиль иаахеит, избанзар, уаҟа иҟоу аибашьцәа адронқәа дәықәҵаны, америкатәи акаолициатәи мчқәа ашәарҭара иҭадыргылар рҭахын.

Иҳаҩсыз амчыбжь азы, Ирак иҟоу авиабаза  Аин-Асад  ахырхарҭала ракетақәак дәықәҵан, ари абазаҿ игылоуп Америка анапхгараҵаҟа иҟоу акаолициатә мчқәа.

Ирак игылоуп  2500ҩык раҟара америкатә аруаа.