Америка Аҳәынҭқарратә департаментаҿ иҟоу Европеи Евразиеи русқәа рзы абиуро ахаҭарнак Қырҭтәыла даҭааит
«Америка Аҳәынҭқарратә департаментаҿ иҟоу Европеи Евразиеи русқәа рзы абиуро ахаҭарнак Қырҭтәыла даҭааит», — ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа аҟынтәи.
Ацҳаражәҳәарҭа аинформациа ишану ала, Питер Андреоли атәыла аиҳабыреи, хазхаҭалатәи асектори, ақырҭуа уаажәларреи ахаҭарнакцәа дырҧылоит.
«Питера Андреоли Қырҭтәылаҟа иаара ҳаигәырҕьеит. Иара атәыла аиҳабыреи, хазхаҭалатәи асектори, ақырҭуа уаажәларреи ахаҭарнакцәа дырҧылоит. Иара убас, Ҧуҭ днеины, абаҕәаза иалаҵоу америкатә инвестициақәа гәеиҭоит, анеҩс, аиҟәшаратә цәаҳәа даҭаауеит», — иануп Америка ацҳаражәҳәарҭа аинформациаҿы.