Алеқсеи Навальни иҧҳәыс Урыстәыла дықәҵны, Германтәылаҟа дцеит
Алеқсеи Навальни иҧҳәыс Урыстәыла дықәҵны, Германтәылаҟа дцеит

 

Аурыс оппозиционер Алеқсеи Навальни иҧҳәыс  Иулиа Навальнаиа Урыстәыла дықәҵны, Германтәылаҟа дцеит. Ари аинформациа аланарҵәеит  «Deutsche Welle».

Аҭыжьымҭа адыррақәа рыла, Иулиа Навальнаиа Москватәи аҳаирбаҕәазантә Франкфуртҟа ддәықәлеит.  Лцара мзызс иамаз еилкаам.

Жәабран 1 азы Москва араионтә аӡбара,  Алеқсеи Навальни ихақәиҭтәра аҳәарала ала имҩаҧгаз, ззин иҟамыз акциа аҽалархәразы Иулиа Навальнаиа 20 нызқь амааҭ ахараҧса лықәырҵеит