Алеқсеи  Навальни Москва, Борисовское анышәынҭраҿ анышә дарҭеит  
Алеқсеи  Навальни Москва, Борисовское анышәынҭраҿ анышә дарҭеит  

Аурыс оппозиционер Алеқсеи Навальни Москва, Борисовское анышәынҭраҿ анышә дамардеит, уаанӡа,  Анцәа Иан лныха ахьӡала  иҟоу аныхабааҿ апанихида мҩаҧган.

Алеқсеи Навальни аҵыхәтәантәи амҩашҟа днаскьаргеит зқьҩыла ауааҧсыра. Апроцесс ихы алаирхәит Урыстәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ.

Аурыс оппозиционер Алеқсеи Навальни   47 шықәса дшырҭагылаз,   жәабран  16 рзы абахҭаҿ дыҧсит.