Алеқсеи Данилов иҳәамҭала, аибашьра мчыбжьык ашьҭахь ма лаҵарамзазы ихыркәшахоит ҳәа иҟаҵоу аҳәамҭақәа ахшыҩдаратә ҟазшьа рымоуп
Алеқсеи Данилов иҳәамҭала, аибашьра мчыбжьык ашьҭахь ма лаҵарамзазы ихыркәшахоит ҳәа иҟаҵоу аҳәамҭақәа ахшыҩдаратә ҟазшьа рымоуп

 Украина Амилаҭтә шәарҭадареи ахыхьчареи азы ахеилак амаӡаныҟәгаҩ  Алеқсеи Данилов ишиҳәаз ала, аибашьра мчыбжьык ашьҭахь ма лаҵарамзазы ихыркәшахоит ҳәа иҟаҵоу аҳәамҭақәа ахшыҩдааратә ҟазшьа рымоуп. Ҳаҧхьаҟа афронт аҿы аҭагылазаашьа мраҭашәаратә абџьар аагара апроцесс иахьыҧшуп.

Украинатәи АИХ адыррақәа рыла, Данилов ари аҳәамҭа ҟаиҵеит апортал  «Аамҭа ҿыц» аинтервиу анеиҭоз. .

«Аибашьра мчыбжьык ашьҭахь ма лаҵарамзазы ихыркәшахоит ҳәа зҳәо ауааҧсыра ииашам, ари апроцесс акомпонентқәа рацәа рыла ишьақәгылоуп.  Иахьа ҳара ҳзы ахадаратә ҵакы амоуп ҳпартниорцәа рҟынтә иҳауа аибыҭара. Аибаҭыра анҳауа, шаҟа ҳауа ауп аус злоу», — иҳәеит  Данилов.

Иара ишазгәеиҭаз ала, Урыстәыла украинаа ишырҭаху еиҧш иҧсыҽым, аха, уажәазы афронт аҿы украинатәи аган ҧыжәарақәак рымоуп.

Данилов ишазгәеиҭаз ала, ампыҵахалаҩцәа ҧхьаҟацара рцәыуадаҩуп, убри аҟынтә, дара аӡаҵантәи анышьқәеи, афлоти, егьырҭ арратә компонентқәеи рхы иадырхәоит.

«Насгьы, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп: аҳаипланқәа, астратегиатә авиациа, уҳәа, ҳҵакырадгьылқәа аракетақәа рылажьра аганахьала алшара ду рымоуп, уи иахьанӡагьы есымша рхы иадырхәоит», — иҳәеит  Данилов.