Алеқсандр Лукашенко иҳәамҭала, беларустәи «Су-24» уажәшьҭа аиадертә бџьар агара рылшоит
Беларусь ахада Алеқсандр Лукашенко иҳәамҭала, беларустәи «Су-24» уажәшьҭа аиадертә бџьар агара рылшоит.
Иара ишиҳәаз ала, «Беларусь Мраҭашәарантә изакәызаалак ақәмақарразы зыҧшра ҟамҵакәа аҭак аҟаҵара алшоит».
«Зны сареи Путини Питер ҳаныҟаз, аргама ааҳацҳаит беларустәи аҳаирпланқәа Су аиадертә бџьар агара рылшаратәы ишыҟаҳҵо. Ус баша иаҳҳәеит ҳәа шәгәы иаанагома? Ари аус ҟаҵоуп!», — иҳәеит Лукашенко.
Лукашенко Мраҭашәаратә тәылақәа агәҽанҵара риҭеит Беларусь иарбанызаалак провокациак азы аҭак аҟаҵара ишазыхиоу. Иара иажәақәа рыла, Беларусь аҟны аизыҟазаашьақәа рырцәгьара ахәҭам, избанзар, уи аиадертә бџьар змоу Аидгыларатә ҳәынҭқарра аҟынгьы аизыҟазаашьақәа рырцәгьара ауп иаанаго.