Алеқсандр Грушко – Урыстәыла Украинаҿ мраҭашәаратә бџьармчқәа рыргылара иақәшаҳаҭхом
Урыстәыла Украинаҿ мраҭашәаратә бџьармчқәа рыргылара иақәшаҳаҭхом, иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Грушко.
Грушко иажәақәа рыла, Москва агәылара иҟоу аҳәынҭқарра Урыстәыла ашәарҭара аҭаргыларазы плацдармс ишыҟамло агарантиақәа аиур, Киев ашәарҭадара аиқәыршәара ҟалоит.
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак иҳәамҭала, Украинаҿ НАТО арбџьармчқәа рыргылара иазку иарбанзаалак асценари аескалациа ду ахылҵыр ауеит.
«Ҳара иаартны иаҳҳәеит абарҭ азҵаарақәа ҳашрықәшаҳаҭымхо: НАТО алалара ҟамлароуп, иарбанзаалак атәым мчқәа Украина рыргылара ҟалом. Афранцыз капрал ихоу абызхылҧа «НАТО» ҳәа иану, мамзаргьы «Еевроеидгыла» ҳәа иану зегьы дара роуп. Убри аҟынтә, ҳара ҳпозициа ҳаҧсахуам», – иҳәеит Грушко.