Алексеи Данилов иҳәамҭала, Украина Европол аҟынтә иазыҧшуп абџьар аконтрабанда иадҳәаланы  иҟаҵаз аҳәамҭа иазку афактқәеи ашаҳаҭгақәеи
Алексеи Данилов иҳәамҭала, Украина Европол аҟынтә иазыҧшуп абџьар аконтрабанда иадҳәаланы  иҟаҵаз аҳәамҭа иазку афактқәеи ашаҳаҭгақәеи

Украина Амилаҭтә шәарҭадареи ахыхьчареи ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Алексеи  Данилов иҳәамҭала,  Украина Европол аҟынтә иазыҧшуп абџьар аконтрабанда иадҳәаланы  иҟаҵаз аҳәамҭа иазку афактқәеи ашаҳаҭгақәеи.

Данилов ари атәы иҩит асоциалтә аҳа  «Твиттер» аҿы.

«‎Украинантә абџьари арратә тауарқәеи аџьармыкьа еиқәаҿы аҭира иазкы иҟаҵаз аҳәамҭа иадҳәаланы  Европол аофициалтә хаҭарнакцәа рҟынтә афактқәеи ашаҳаҭгақәеи ҳрызҧшуп.  Ирласӡаны аинформациа аиҭныҧсахлареи зыҧшра ҟамҵакәа ақәҿыҭреи ҳазҿлымҳауп», — иҩит Данилов.

Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ ишазгәеиҭаз ала, абџьар аконтрабанда иазкны мраҭашәаратә АИХ аҿы аинформациа аналадырҵәа аамҭазы Урыстәыла аинформациатә операциа ҷыда  «MakZim» мҩаҧнагон,  уи Украина адескридитациеи Украина адгылаҩцәа рҟынтә абџьар аиура аҧырхагахареи иазкын.

Украинатәи АИХ ,   Spiegel аинформациа шьаҭас иҟаҵаны ишаарыцҳаз ала, Европол аанацҳаит Украинантә абџьар аконтрабанда иазкны адырра роуит ҳәа.