Александр Дарахвелиӡе - Амҩатә ныҟәара алахәылацәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит азакәан ишьақәнаргыло аԥҟарақәа рықәныҟәарц, амҩатә ныҟәара аԥҟарақәа еиларымгаларц
Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр идҵа инақәыршәаны, амҩатә ныҟәарақәа ршәарҭадара аизырҳара азы, амашьынақәа рныҟәцаҩцәа амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы ақәҿыҭра иџьбарахоит, – иҳәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Александр Дарахвелиӡе.
Аминистр ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, амҩатә ныҟәара алахәылацәа рахь ааԥхьара ҟарҵоит азакәан ишьақәнаргыло аԥҟарақәа рықәныҟәарц, амҩатә ныҟәара аԥҟарақәа еиларымгаларц.
“Иҳаҩсыз амшқәа рзы атәыла иахьаҵанаука амҩатә ԥҟарақәа 104 484-нтә еилаган. Азакәан еилазгоз зегьы рганахьала азакәан иазԥхьагәанаҭаз аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥган. Амҩатә ныҟәара алахәылацәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит азакәан ишьақәнаргыло аԥҟарақәа рықәныҟәарц, амҩатә ныҟәара аԥҟарақәа еиларымгаларц”, – иҳәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ