Алеко Елисашвили - Сваҵыск ԥҵәоуп, аха егьырҭ еибгоуп, ақәԥара нагӡоит
Апартии «Атәылауаа» алидер Алеко Елисашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, иаха Аиҳабыра радминистрациа ахыбра аԥхьа азакәанхьчаҩцәа иқәлан, амч рхы иадырхәеит.
Елисашвили иажәақәа рыла, ари аинцидент иазкны ашшыԥхьыӡ алаҵара игәы иҭоуп.
«Сваҵыск ԥҵәоуп, аха егьырҭ еибгоуп, ақәԥара нагӡоит. Схатә рекорд шьақәсырӷӷәеит – мышк ала ҩынтә срыԥҟеит. Аформа зшәу ауаа, аполициа аусуҩцәа пату рықәысҵоит, аха аидыслараан џьоукы рагрессиа ҳаракын. Урҭ дреиун Важа Сираӡе.
Ашшыԥхьыӡ алаҵара сгәы иҭоуп. Ақәԥара насыгӡоит. Ари урыстәылатәи закәан адкылара зин раҳамҭароуп», — иҳәеит Алеко Елисашвили.