Алеко Елисашвили  - Аҧыза-министр иҭыҧ азы кандидатс иқәдыргылаз ауаҩҧсы аоппозициаа ицәымҕуп, дырҿагылоуп, убри аҟынтә, аҭагылазаашьа иаҳа ицәгьахар ауеит
Алеко Елисашвили  - Аҧыза-министр иҭыҧ азы кандидатс иқәдыргылаз ауаҩҧсы аоппозициаа ицәымҕуп, дырҿагылоуп, убри аҟынтә, аҭагылазаашьа иаҳа ицәгьахар ауеит

 

Аҭагылазаашьа цәгьоуп, атәыла  еиҿагылоу ҩ-хәҭакны еиҟәшоуп, ажәлар еиҿагылар  ауеит, уи еиҧш ашәарҭара иҟоуп, — иҳәеит апартиа  «Атәылауаа» алидер Алеко Елисашвили.

Иара иажәақәа рыла, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы аҧыза-министр иҭыҧ азы Иракли Ҕарибашвили икандидатура ақәыргылара иахәҭамызт.

«Аҧыза-министр иҭыҧ азы кандидатс иқәдыргылаз ауаҩҧсы аоппозициаа ицәымҕуп, дырҿагылоуп, убри аҟынтә, аҭагылазаашьа иаҳа ицәгьахар ауеит ҳәа сгәы иаанагоит.  Уажәы аҧыза-министрс даҳҭахуп аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара зылшо, аоппозициаа ирацәаҳәаша ауаҩҧсы. Ҕарибашвили ириторика уазыӡырҩыр, иара аполитикатә аиҿцәажәарақәа рыла аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара илшап ҳәа узыҳәом», — иҳәеит Алеко Елисавшили.