Акциаҿ даанкылоуп Алеқси Петриашвили
Акциаҿ даанкылоуп Алеқси Петриашвили

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра хаҭарнакцәа акциаҿ Алеқси Петриашвили дааныркылеит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Алеқси Петриашвили административтә ҵасла даанкылоуп.

Иацы „Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәанпроект аҿагыларатә акциа мҩаҧысуит. Акциа Ареспублика ашҭаҿ иалагеит, пыҭраамҭак ашьҭахь акциа алахәылацәа азакәанҧҵаратә органахь идәықәлеит. Акциа алахәылацәа Қырҭтәыла апарламент аԥхьа “Ақырҭуа гәахәтәы” мшаԥы 29 рзы имҩаԥнаго аизара инамаданы игылоу асцена азааигәахареи аполициа акордон акылжәареи рҭахын, апарламент аԥхьа аҭагылазаашьа изныкымкәа цәгьахеит. Асцена ааигәара азакәанхьчаҩцәа амобилизациа рзун, урҭ акциа алахәылцә акордон акылжәара алшара рырҭомызт. Акциа алахәылацәа азакәанхьчаҩцәа еиуеиԥшым аматәарқәа иргәыдырҵон.