Акралҧҳәыс  Елизавета II лыҧсра инамаданы, Қырҭтәыла иҟоу Британиа Ду ацҳаражәҳәарҭаҿы адашшыларатә шәҟәы аадыртит
Акралҧҳәыс  Елизавета II лыҧсра инамаданы, Қырҭтәыла иҟоу Британиа Ду ацҳаражәҳәарҭаҿы адашшыларатә шәҟәы аадыртит

Акралҧҳәыс  Елизавета II лыҧсра инамаданы, Қырҭтәыла иҟоу Британиа Ду ацҳаражәҳәарҭаҿы адашшыларатә шәҟәы аадыртит.

Қырҭтәыла иҟоу Британиа ду ацҳаражәҳәаҩ  Марк Клеитон ишиҳәаз ала,  ацҳаражәҳәарҭа Қырҭтәыла аполитикатә гәыҧқәа зегьы рҟынтә, иара убас, ақырҭуа жәлар рҟынтә  адашшыларақәа аиуеит.

«Акралҧҳәыс  Елизавета II лыҧсра адунеи зехьынџьара ргәы иалсит. Лыҧсрала аепоха ду хыркәшоуп,  аха,  аиҭакрақәагьы иалагоит.

Акрал иҭәарҭа аааникылеит амонарх ҿыц, акрал Чарльз  ахҧатәи. Иара кыршықәса рыҩныҵҟа аҳәынҭқарратә маҵзураҿы дыҟан. Бзиарас иҟоу зегьы изеиҕьаҳшьоит. Акрал Анцәа дихьчааит», — иҳәеит Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ.