Аконкуренциазы агентра абылтәы аџьармыкьаҿ аусԥшаара хацнаркит
Аконкуренциазы агентра абылтәы аџьармыкьаҿ аусԥшаара хацнаркит

Қырҭтәыла аԥыза-министр ирекоменадциа шьаҭас аҭаны, Аконкуренциазы агентра абылтәы аџьармыкьаҿ аусԥшаара хацнаркит.

Аконкуренциазы агентра  аимпортиорцәа рынамысреи, аконкуренциа аҳәарақәа иахьынӡахьчоуи гәарҭоит.

Ашәахьаҽны имҩаԥгаз аиҳабыра реилатәара аҿы аԥыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭала, Қырҭтәыла абылтәы ахә активла иацклаҧшуеит, лари акурс ҕәҕәахеит, абылтәы ахә хәыҷык маҷхеит, аха, уезгьы, абылтәы ахә еизышәаны имаҷымхеит. Аԥыза-министр ишазгәеиҭаз, ауааҧсыра инарҭбаау аинформациа роуроуп, ауаа ирдыруазароуп аимпортиорцәа принципқәас ирымоу, аҳашәалас ирзаанхо.